Мшаҧы 19, 2024

Аԥсни Чувшиеи рыбжьара имҩаԥысуаз апроект «Аиҩызара алакә маҟа» хыркәшоуп.

Лаҵарамза 6 рзы Аԥсны Амилаҭтә библиотека атәым бызшәақәа рыҟәша аҟны иаартын, аԥсуаааи чувашиааи аҿарацәа рҭыхымҭатә цәыргақәҵақәа.

Апроекти алахәылацәеи...

Жәларбжьаратәи апроект «Аиҩызара алакә маҟа» еиҿкаан Аԥсни Чувашиеи рыбжьара ҳазҭалаз ашықәс 2018 рзы. Еиҿкааҩцәас иҟан Аԥсны Амилаҭтә библиотека атәым бызшәақәа рыҟәша аусзуҩцәеи Чувашиатәи Амилаҭтә библиотека адунеизегьтәи ажәларқәа рлитература аҟәша аусзуҩцәеи. Апроект хықәкыс иаман ҩ-жәларык рлакәқәа рдырра, насгьы фырхацәақәас ирымоу рлакәқәеи рфольклортә епосқәеи рҿи. Хымԥада апроект аиҿкааҩцәа иахәҭаны ирыԥхьаӡоит ҩ-жәларык рқьабызқәеи ртрадициақәеи днардыруеит ишхәыҷқәоу ҳәа. Зҽалазырхәуаз ахәыҷқәа рықәраа 15 шықәса еиҳамзар акәын. Урҭ алакәа изыԥхьаз аҟынтәи иргәаԥхаз афырхаҵа исахьа ҭырхуан, аԥсуа хәыҷқәа чувшиаа рлакәқәа изыԥхьаз рфырхацәа, чувашиатәи аҵаҩцәа аԥсуа лакәқәа иргәаԥхаз афырхацәа рсахьа.

Ҳҟазаҩцәа хәыҷқәа...

Лаҵарамза 6 рзы ацәыргақәҵа ҩ-хәҭакны еиҿкаан: чувашиааи аԥсуааи ахәыҷқәа иҭырхыз асахьақәа реицлабра. Аха ахәыҷқәа зусумҭақәа аԥхьахәқәа занашьахаз зегь ақәымшәеит, аҳамҭақәеи аҳаҭыртә бӷьыцқәеи роурц, уи зыхҟьаз, шьоукы аԥышәарақәа реман, шьоукы ашкол иаурыжьхьеит ԥсшьара иҟоуп. 18-ҩык зусумҭақәа ыҟаз ацәыргақәҵаҿ, аҽны иақәшәаз ф-ҩык роуп. Агәырӷьаратә усмҩаԥгатә аалыртит Илона Елерџьиаԥҳа. Уи еиҭалҳәеит апроект амҩаԥысшьа, иҭабуп ҳәа ралҳәеит зхы алазырхәыз зегьы, арҿиаратә знеишьа аҭаны русумҭақәа ахьынарыгӡаз азы.

Аҳаҭыртә шәҟәқәа ранеишьеит И. Гь. Папсқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Шьаликәа-иԥа Ҷолариа. Уи иҳәеит: - «асеиԥш иҟоу аҿар уажәыҵәҟьа Аԥсны ҳрылаҽхәартә ишыҟало атәы, аха макьана раԥхьаҟа аус дуқәа шьҭоуп ашәҟәқәа ирыԥхьалароуп, рыхшыҩ аус адыруалалароуп, иҟәышхароуп, ганрацәала рдыррақәа ирыздырҳароуп. Шәара игәашәымҭазарц залшом алакәқәа рыҟны есымша аҳалалреи аиашареи аиааира шаго, убас аԥсҭазаараҟынгьы аиашареи ақиареи аԥыжәара агалароуп, насгьы шәара уи шәазықәԥалароуп, ишәылазароуп ауаҩы ирыцҳашьара, игәҭыха ицеиҩшара. Сара, шәыблақәеи шәусумҭақәеи ирхызбаалоит убыс шәыӷәӷәаны шәшыҟало» ҳәа азгәеиҭеит Борис Шьаликәа-иԥа.

Аҳаҭыртә шәҟәқәа анранаршьа ашьҭахь идырбан адокументалтә фильм Чувашиа иазкны.    

Last modified on Dinsdag, 16 Жьҭаара 2018 11:34

Please publish modules in offcanvas position.

Яндекс.Метрика