Мшаҧы 25, 2024

Владимир Платон-иԥа Анқәаб - 90 шықәса

Лаҵарамза 22 рзы И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаԥган апоет, аҵарауаҩ, ауаатәларратә усзуҩы Владимир Платон-иԥа Анқәаб диижьҭеи 90 шықәса аҵра иазкыз аиубилеитә хәылԥазы. Уи еиҿыркааит амилаҭтә литература аҟәша аусзуҩцәа.

В. Анқәаб астудентцәа зегь рыбзиабара иаԥсахаз, урҭ рыԥсҭазаара ахьеилашуаз еснагь ирылагылаз, рыгәҭыха зықәҭыхаз, рхьаа зхьааз, ргәырҩа рыцеиҩызшоз, абаҩхатәра дуӡӡа злаз иакәын. Уи ижәлар ирзынижьит иаԥҵамҭа шьахәқәа. Владимир Анқәаб иԥсҭазаара зегь ахьымҩаԥсуаз Аԥснытәи аҳәынтқарратә университет аҟны имԥсӡо алитературатә хәыҭаара ду еиҿикааит, уи иахьагьы еиҵагло абиԥара ирыман ԥхьаҟа ицоит, ихьӡ дырӡуам. В. П. Анқәаб ихьӡ зху акабинет аартуп уаҟа, уи напхгара аиҭоит арҵаҩы, аиҳабы Ахра Владимир-иԥа Анқәаб.

Аиубилеи ахь ааԥхьара рыман Владимир Платон-иԥа Анқәаб ихьӡ зху Хәаԥтәи абжьаратә школ аҵаҩцәа, урҭ ажәеинраалақәа ирыԥхьеит. Иара убас исасцәаны иаҳҭан Қьаазым Хәаҭхәаҭ-иԥа Агрба ихьӡ зху Џьырхәатәи абжьаратә школ адиректор Назырбеи Смаил-иԥа Габниа раԥхьа днаргыланы арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи, урҭ ашәақәа ҳзырҳәеит иаҳзыкәашеит.

В. Анқәаб инысымҩа дазааҭгылеит Кандрат Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи алицеи-интернат абжьбатәи акласс аҵаҩы Саид Ҳагба, аҵаҩцәа аԥхьеит апоет иажәеинраалақәа, иаҳдырбеит асценка абаллада «Ачеиџьыка» иазку. Арҵаҩы Татули Бебиаԥҳа даԥхеит В. Анқәаб изкны лхатәыжәеинраала. Иара убас афиолологиатә факультет астудентцәа алахәын аиубилеитә хәылԥазы, урҭ ажәеинраалақәа ирыԥхьеит.

Апоет дыргәаладыршәеит...

Ажәахә иман, В. П. Анқәаб иҩымҭақәа акыр ирыхцәажәахьоу, акритика рзызыҩхьоу, ишәҟәқәа рредактор, хаҭала иҩызаз Руслан Хәанеи-иԥа Қапба. Уи дигәаларшәо иҳәеит шаҟа дпатриот дууз, аԥсуара зегь раԥхьа иширгылоз атәы. Апоет, апублицист, ажурнал «Аҟазара» аредактор хада Џьума Аҳәаба иазгәеиҭеит, ари еиԥш ауаҩы дшаҳхаҳмыршҭыша уи игәалашәара ҳгәаҿы ишынхаша, насгьы ҳзыгәдузароуп дахьҳамаз ауаҩы цқьа, уаҩы ҳалал... Ажурналист, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор Екатерина Гьаргь-иԥҳа Бебиа еиҭалҳәеит В. Анқәаб астудентцәа дышрыхӡыӡаауаз, дышуаҩ иашаз, насгьы усҟантәи аамҭаз аполитикатә еибарххарақәа дырҿагыланы аҿар ԥхьаҟа дышрыҵгәоз... Ахәылԥаз ахыркәшамҭаз аԥхьарцарҳәаҩ қәыԥш Радима Џьыкырԥҳа иаҳзалырҳәеит аԥхьарца Владимир Платон-иԥа Анқәаб ибыжьҭаҩ ацны.

Last modified on Dinsdag, 16 Жьҭаара 2018 11:55

Please publish modules in offcanvas position.

Яндекс.Метрика