Хәажәкыр 29, 2024

Аԥсны ихадоу Амилаҭтә библиотекаҟны ашколхәыҷқәа аекскурсиа мҩаԥыргеит.

Лаҵарамза 18 рзы И. Гь. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека иаҭан Аҟәатәи ахәбатәи абжьаратә школ аԥшьбатәи акласс аҵаҩцәа.

Ахәыҷқәа рзы иҿыцыз, ирымбацыз абиблиотека ишыныҩналаз рыбжьыла иҩндырҭәааит иҭбааӡа, иҭынчӡа иҟаз абиблиотека афоие. Асасцәа дырԥылеит аметодист хада Руанда Бжьаниаԥҳа. Урҭ ирзеиҭалҳәеит И. Гь. Папсқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотека аҭоурых, насгьы идлырбеит аҟәшақәа зегьы. Ахәыҷқәа ирбаз ираҳаз џьашьаны инаԥшы-ааԥшуа илзыӡырҩуан. Аҵаҩцәа рҟынтәи ҷкәына хәыҷык илақәа ӷраҷкәынӡа иааиҿыҵҟьеит абас - «Ари аҟара ашәҟәы сыԥсы ҭанаҵы исымбацызт!» ҳәа... Абонемент аҟәшаҿы ирзеиҭаҳәан шәҟәқәас иуоурц иалшо, агәыԥ ццакит ашәҟәыԥхьарҭатә зал ахь. Урҭ иџьаршьеит абысҟак астолқәа акомпиутерқәа зықәгылаз. Арԥыск, уи акалашә диеиԥшын Том Соиер, илақәа ҭырхаха ирҵаҩы дналҿаԥшын ус иҳәеит: «Абра сыҟазҭгьы гәахәарыла иагьа доклад сыҩрын» ҳәа. Абиблиотека агәеисырҭа, амилаҭтә литература аҟәшаҿы адиван татақәа ирықәтәаны иазыӡырҩуан иарбан шәҟәқәоу ара иҟоу, насгьы урҭ рхы ишадырхәаша атәы анырзеиҭарҳәоз, хшыҩзышьҭрала иахәаԥшуан есқьынагьы ари аҟәшаҿы еиҿкаау раԥхьатәи Аԥсны Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба изку ацәыргақәҵа. Абиблиотека иаҭааз асасцәа хәыҷқәа ԥыҭрак ашьҭахь итәан акино зал аҟны иахәаԥшуа аекран ду аҟны М. Горки изку адокументалтә фильм.

Акультура аусзуҩцәа, арҭ рҩызцәа асасцәа ус баша напымацара иаҳзымышьҭит, убри азы, урҭ ҳамҭас ирыҭан ахәыҷқәа ирызку ашәҟәқәа. Амилаҭтә библиотека аԥхьа иҭыхын афотосахьақәа гәалашәарак аҳасабала. Ҩаԥхьа абиблиотекаҿы ҳашәзыԥшуп ашкол хәыҷқәа! 

 

Last modified on Maandag, 22 Жьҭаара 2018 15:28

Please publish modules in offcanvas position.

Яндекс.Метрика